⚡️ Аҵара аминистрраҿы аҵарадырра аҿиареи ашколхәыҷқәа рзы иҿыцу апроектқәеи ирылацәажәеит Аҵара Аминистрраҿы аминистр Хана Гәынба лхантәаҩрала имҩаԥысит Ареспубликаҿы аҵарадырра аҿиара ахырхарҭа хадақәа рзы аилацәажәара. Ихадоу аихшьаалақәеи апланқәеи: 🔺аквалификациа аизырҳара. Абызшәақәеи, ахимиеи, афизикеи, ашколқәранӡатәи аҵареи анапхгараҭареи рзы акурсқәа ирхысит 966-ҩык арҵаҩцәа 🔺Баграт Шьынқәба ииубилеи. Ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә ҭынха ашколхәыҷқәа рыларҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа шьақәырӷәӷәоуп 🔺иазԥхьагәаҭоуп «Аматематик қәыԥш» аолимпиада аҽалархәра, насгьы аматематикеи, афизикеи, аинформатикеи рзы мчыбжьыктәи аинтенсив амҩаԥгара 🔺ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсуа бызшәа. Ашколқәранӡатәи аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы арҵара аметодикақәа реиӷьтәреи абызшәатә ҭагылазаашьа аԥҵареи ирыхәаԥшит 📺 Instagram | YouTube | Facebook