🇷🇺 Акомандаҟаҵаҩ хада Арбџьармчқәа рҿы аҵарашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, 2027 шықәсазы адҵақәа ықәиргылеит Ихадоу: 🔺еиҿкаан 20 инареиҳаны аоперативтә усмҩаԥгатәқәа, 300 инареиҳаны амобилизациатәи аибашьратәи зыҟаҵараз аусмҩаԥгатәқәа. Ари ҵыԥх аасҭа амҽхак акыр идууп, аха еиҳагьы еиӷьӷароуп 🔺Аҳәынҭқарра Ахада аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан акомандаҟаҵара иагу-иабзоу дазааҭгылеит 🔺иааиуа ашықәс инаркны Акомандаҟаҵаҩ хада инапхгарала аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы астратегиатә ҽазыҟаҵара аиҿкаара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Ҩымш-хымш рыҩныҵҟа ар рмобилизациатә еиҵыхра анырра азҭо актуалра злоу азҵаарақәа аус рыдулатәуп 🔺Бадра Гәынба игәалаиршәеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәы 29 рзы анаҩстәи хышықәса рзы Арбџьармчқәа рыҿиаразы Аплан шышьақәырӷәӷәаз. Аусшәҟәы иазԥхьагәанаҭоит ар реиҭарҿыцреи аруаа рмаҵзура аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи ирызку аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс 🔺анаҩстәи аҽазыҟаҵарақәа рыҩаӡара сынтәа аасҭа еиӷьзароуп 🔺Аҳәынҭқарра Ахада ааԥхьара ҟаиҵеит арратә ган ала иазыҟаҵоу акомандирцәа ҿарацәа иарбоу ауснагӡатәқәа хаҭабзиарала рыӡбареи атәыла атәылахьчаралшара арӷәӷәареи зылшо рԥышәа шьаҭас иаиурц 🔺аррамаҵзурауаа ртәыла аҵакыра инарҵауланы ирдыруазароуп, насгьы амши аҵхи рзы иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы ахымҩаԥгара рдыруазароуп 🔺Аҳәынҭқарра Ахада хаҭалатәи аилазаара зхаҭабзиара ҳараку аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, атәыла атәылахьчара арӷәӷәараҿы Урыстәылатәи Ар рлагала ду азгәеиҭеит 📺 Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 1 hour ago
Reactions per 1K views
8.1
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 30 Oct 2026, 12:24 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 113 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.