🕊️ Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны жьҭаарамза 30 Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара иамшуп Абри амш инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар рышҟа ааԥхьара ҟаиҵеит: Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара амш – жьҭаарамза 30 ҳтәыла аҭоурых аҿы атоталитартә режим иалаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәара иамшуп. Арепрессиа зызуз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп еиуеиԥшым ақәрақәеи амилаҭқәеи ирыҵаркуа ҳтәылауаа, асоциалтә еилазаарақәа зегьы рхаҭарнакцәа: анхацәа, аусуцәа, адоуҳамаҵзуҩцәа, аинтеллигенциа, аҳәынҭқарратә маҵзурауаа, апартиатә усзуҩцәа, зынхарҭа ҭыԥқәа ирхыганы ахырҵәара иақәыршәаз ажәларқәа. Урҭ рлахьынҵақәа иарбанзаалак аполитикатә хықәкык ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарақәа ишаԥсам атәы ҳгәалазыршәо акәны иҟалеит. Ҳреспублика иқәынхоз зықьҩыла атәылауаа СССР амассатә репрессиақәеи аполитикатә ҟазшьа аҭаны ианаадмырбуаз аамҭа ашыра иалаӡит. «Ажәлар раӷа» ҳәа дамыӷаҵас ирнырҵон харада-барада ауаа, аҭаацәарақәа шеибгаз. Ҳара иаҳуалуп арҭ ахҭысқәа абиԥарақәа рызнагара, реилыркаара ирхамышҭуа ргәалашәараҿы иҟазарц. Иага аамҭа царгьы арҭ арепрессиақәа риашашьа рымаӡам. Ҳажәлар ари агәаҟра ду шырхыргазгьы ргәы кармыжьит, убас аԥышәара хьанҭа ашықәсқәа раангьы иаҵамхеит, ахачҳара ду аадырԥшит. Аҭоурых адырра иалнаршоит ҳаамҭазтәи ахҭысқәа ииашаны рызнеира, атәыла аҩныҵҟеиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа ишахәҭоу рыхә ашьара. Аԥсны иахьаҵанакуа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз атәылауаа ареабилитациа рзуразы ҳҳәынҭқарра иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагеит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡызи иаартны ареабилитациа амҩаԥгареи рзы ииашоу аинформациа аиураҟны ацхыраара ҟазҵаз зегьы. Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара аиқәырхареи анаунагӡатәреи хықәкыс иҟаҵаны 2011 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы абаҟа ргылан, жьҭаарамза 30 рзы абаҟа ашҟа анеиразы имҩаԥгахо акциа урҭ хашҭра шрықәым арҵабыргуеит. 📺 Instagram | YouTube | Facebook