🇷🇺 Аԥсуа бызшәа еиқәырхахоит. Абас адҵа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Ҳбызшәа аиқәырхареи аҿиареи рзы аилацәажәара реихшьаалақәа рыла ирыдыркылаз аӡбарақәа: 🔺 аԥсуа бызшәа аларҵәареи, аиқәырхареи, аҿиареи хықәкыс измоу амилаҭтә проектқәа хацыркхоит 🔺 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу иҷыдоу Ахеилак аԥҵахоит, аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ахырхарҭала. 🔺️️️️️️ иара убас, иналукааша аҵарауаа-абызшәадырыҩцәа алархәны имҩаԥгахоит зымҽхак ҭбаау аҭҵаарадырратә конференциа, уаҟа дара аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рзы аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа ралкаареи апрактикатә уснагӡатәқәа аус рыдулареи рылшоит. Аиҳабыра хара имгакәа аусмҩаԥгатә азырхиара нап адыркыроуп 🔺️️️️️️ Аԥсуа гуманитартә ҭҵаарақәа ринститут анаукатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгараҿы, адәынтәи аекспедициақәа реиҿкаараҿы, аетнографиеи, афольклористикеи, егьырҭ акрызҵазкуа ахырхарҭақәеи ирызку аматериалқәа реизгараҿы иҵегьы адгылара аиуеит, амилаҭтә культуратә ҭынха аҭҵаареи аиқәырхареи ирыдҳәалоу 📺 Instagram | YouTube | Facebook