🕊️Агәалашәара аԥсы ахьынӡаҭоу ауаҩы иԥсы ҭоуп 📌Жьҭаарамза 26, 1992 шықәса рзы Очамчыра ахақәиҭтәразы аоперациа иалагеит, уи 1993 шықәса цәыббрамзазы ауп ианхыркәшаха. Очамчыра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аоперациақәа ирылахәын агәыԥқәа «Скорпион», «Ласточка», «Дед». Аҵыхәтәантәи аоперациаҿы зыԥсы ҭаны иаанхаз рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷӡан. 🕯Иахьа, агәыԥ «Дед» аибашьцәа ргәалашәара амш аҽны, Очамчыра араион аҿы алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан, Очамчыра Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿаԥхьа еиҿкаан иҭахаз аибашьцәа рпатреҭқәа зныз ацәыргақәҵа ҷыда. Зыԥсадгьыл зыхьчо фырхаҵарыла иҭахаз рфырхаҵара агәалашәара еиднакылеит зегьы: ахәыҷқәа, анхацәа, аветеранцәа, аҳәынҭмаҵзурауаа. Хашҭра рықәымзааит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа 🙏 📺 Instagram | YouTube | Facebook