🇷🇺 Аԥсны ахаҭарнакцәа — Кремль имҩаԥысуаз Амилаҭтә премиа «Ахьтәы маҟа» аҟны Иацы Кремльтәи ахан аҿы имҩаԥысит аибашьратә ҟазара аганахьала Амилаҭтә премиа «Ахьтәы маҟа» XVI-тәи анашьаратә церемониа. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ, уи ихаҭыԥуаҩ, «Аԥсны аурысцәа Рхеидкыла» ахантәаҩы дызлаз Аԥснытәи аделегациа ааԥхьара рыҭан. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Кремль имҩаԥысуаз «Ахьтәы маҟа» апремиа анашьара ацеремониа алахәхара. Аусмҩаԥгатә Сергеи Кириенкои Иури Трутневи реиԥш иҟоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ари ацеремониа анаадыртуа, ари азал аҿы ҳара Урыстәылатәи аибашьратә ҟазарақәа Реидгыла ааԥхьарала ҳаҟазаара ҳара ҳзын акыр аҵанакуеит. Ари ҳажәларқәа ирыбжьоу аимадареи агәрагара ҳараки рзы даҽа ршаҳаҭгак иаҩызоуп, — ҳәа азгәеиҭеит Рауль Лолуа. 🥋Апремиа «Ахьтәы маҟа» — Урыстәыла аибашьратә ҟазара аганахьала аихьӡарақәа иреиҳаӡоу ахәшьара рыҭара ауп. Уи иалауреатцәахоит дара аспортсменцәа рыдагьы, урҭ рымҩақәҵаҩцәа, иара убас аибашьратә ҟазара аларҵәараҿы злагала дуу ауаажәларратә усзуҩцәа. 📺 Instagram | YouTube | Facebook