🔑Иахьа иаатит апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон Аартра ацеремониа далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит имаҷымкәа ахәҭақәа. 🔺Адунеи аҿы ҳтәыла ахаҿра ашьақәыргыларазы амедиа ихадоу амыругақәа иреиуоуп, иалшо рацәоуп 🔺Ари ахырхарҭала здырра ҳараку аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵара, урҭ ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа инақәыршәаны рааӡара 🔺Аамҭа ацнеира, аха убри аан амилаҭтә журналистика ахыҵхырҭақәа рыцәхьамҵра, рыхьчара 🔺Аԥсныи Урыстәылеи аспециалистцәа рԥышәа аимдаразы "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" апроект аҵакы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа "Урыстәыла – Алшарақәа ртәыла", Аҳәынҭқарратә еиҿкаара "Диалог", апроект анагӡараҿы иҟарҵаз ацхыраара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook