Аконкурс «Аԥсны акоманда» анапхгаҩцәа рабиԥара ҿыц ралкааразы цхыраагӡас иҟалеит — Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа иҟоу ацентр «Ҳара ҳаицуп» аҿы имҩаԥысуа аицлабра аҩбатәи асезон афинал аартра ихы алаирхәит. Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит апроект абжьааԥнытәи аицлабра аформат ишахысхьоу, алҵшәа азы аусура иазхиоу апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵаразы хра злоу мыруганы ишыҟалаз. 📈Актәи асезон аихшьаалақәа: 🔺Аушьҭымҭацәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, асоциалтә усхки, абизнеси рҿы қәҿиарала аус руеит 🔺Ашықәс иалагӡаны атәылауаа иалкаау рыпроблемақәа рыӡбара иазырхоу 60 инарзынаԥшуа апроектқәеи аԥшьгарақәеи нагӡоуп Аҩбатәи асезон азы рыҽҭарыҩхьеит 3384-ҩык. Афинал ахь ицәырҵит 60-ҩык алахәылацәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟынтәи: аҳәынҭмаҵзуреи IT-и инадыркны ақыҭанхамҩеи атуризми рҟынӡа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит алахәылацәа атәыла актуалра злоу ауснагӡатәқәа шеилыркаауа, аекономикеи, аинфраструктуреи, аекологиеи рыҿиарагьы налаҵаны. Бадра Гәынба хазы урыстәылатәи апартниорцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ацхырааразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иреиӷьу апрактикақәа ахы ишанархәо, убри аан акадрқәа рыҿиара ахатәы система шышьақәнаргыло. Аҳәынҭқарра Ахада «Аԥсны акоманда» иарку проектуп ҳәа агәаанагара дшақәшаҳаҭым иҳәеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ахәарҭа азаагара иазхиоу Ареспублика атәылауаа зегьы Аԥсны акоманда ишахәҭаку. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 6 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 6 Oct 2026, 16:35 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 140 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.