⚡️Амшынеиқәафымцамч ацәаҳәақәа реиҭарҿыцра: ақәыӷәӷәара иазҳауеит, амашәырқәа лаҟәуеит «Амшынеиқәафымцамч» активла Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аинфраструктура арҿыцуеит. Амза нҵәаанӡа Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы ишьақәыргылоу афымцаԥхьаӡагақәа рымҽхак 98% рҟынӡа инаӡоит, Гагра араион аҿы аусурақәа рыхәҭа хада жьҭаарамзазы ихдырқәшоит. Афилиалқәа рҿы 25 станциа маҷ ҿыц еиҿыркаахьеит. Апрограмма алҵшәа бзиа аанарԥшит: 🔺Ирҿыцу аҭыԥқәа рҿы ақәыӷәӷәара 140-160 В рҟынтәи 200-220 В рҟынӡа ихалеит 🔺Ацәаҳәа ақәыӷәӷәара 30-40% илаҟәит, амашәырқәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахеит Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа рҿы аиҭашьақәыргылара арццакразы аремонттә бригадақәа рхыԥхьаӡара 8 инаркны 12 рҟынӡа иацырҵоит. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook