✔️Аҟәа ақалақь ҭыԥқәак ӡыда иаанхаз иахьа, амш агәазы ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылахоит Иахьа амш иалагӡаны ӡыда иаанхаз Аҟәа ақалақь ҭыԥқәак ӡыла аиқәыршәара азԥхьагәаҭоуп. «Аӡыканал» аусзуҩцәа уахгьы-ҽынгьы аус руеит уҳәар алшоит, аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларазы аусура хадақәа нагӡоуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәа ахадара Амуниципалтә унитартә наплакы «Аӡыканал» аиҳабы Даур Паҷкориа. Ӡыгәҭеи Баслаҭеи ақыҭақәа, иара убас, Турбаза араион хыхьтәи ахәҭа ӡыла аиқәыршәара алзыршоз аӡымҩангага ааха аиуит цәыббра 30 рзы Кьалашәыр аӡиас аҟәарақәа рҭыҵра иахҟьаны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭазы ауааԥсыра рзы иааиԥмырҟьаӡакәа аӡыржәтә аагара еиҿкаауп. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 6 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 5 Oct 2026, 12:07 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 125 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.