📆2027 шықәсазы ҳаԥсы анбаҳшьалои? Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба «2027 шықәсазтәи Аарыхратә мзар ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара инапы аҵаиҩит. Аԥсшьарамшқәа рыиагара арыцхәқәа 2027 шықәсазы аныҳәатә ԥсшьарамшқәа иахьрықәшәо инамаданы: 🔺ажьырныҳәа 2 (асабша) аҟынтәи ажьырныҳәа 13 (ахаша) ахь; 🔺ажьырныҳәамза 3 (амҽыша) аҟынтәи жьҭаарамза 1 (ахәаша) ахь; 🔺лаҵарамза 1 (асабша) аҟынтәи лаҵарамза 3 (ашәахьа) ахь; 🔺лаҵарамза 2 (амҽыша) аҟынтәи лаҵарамза 4 (аҩаша) ахь; 🔺лаҵарамза 9 (амҽыша) аҟынтәи лаҵарамза 10 (ашәахьа) ахь; 🔺лаҵарамза 23 (амҽыша) аҟынтәи лаҵарамза 24 (ашәахьа) ахь; 🔺нанҳәа 28 (асабша) нанҳәа аҟынтәи 30 (ашәахьа) ахь. Иара убасгьы, Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра 2026 шықәсазы аԥсылмантә амзатә мзар ала Кәырбанныҳәа азгәаҭара арыцхә аҟынӡа амзартә жәамш шыбжьоу уи азы аинформациа аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭразы адҵа аҭоуп. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook