📚Арҵаҩы Имш шәыдаҳныҳәалоит, акыр иаԥсоу Аԥсны арҵаҩцәа! 🇷🇺Арҵаҩра-ари баша занааҭӡам, уи аҭакԥхықәреи аџьабааи зцу занааҭуп. Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, шәара шәҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа рнаҩс, иреиҳау аҩаӡарахь амҩа ианышәҵоит. Шәара ахәыҷқәа аҵареи, ҳаԥсадгьыл абзиабареи, аԥсуаа ҳҵаси ҳқьабзи рахь ихьашәырԥшуеит, азҿлымҳара рылашәааӡоит. Аҧсны аҧеиҧш бзиа ачаҧараҟны ишәылшо рацәоуп. Шәара шәышколтә классқәа рҿоуп ҳмилаҭ уаҵәтәи аԥеиԥш ахьышьақәгыло. Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, инымҵәаӡо ачҳара, анасыԥ, шәнапы злаку аус ҧшьаҿы аихьӡарақәа. Шәыҩнаҭақәа рҿы аҭынчреи, аԥхарреи, аизҳазыӷьареи аҳра рулааит! АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook