Гәдоуҭатәи ашколқәа рҿы ахәыԥха шеиҿкаау гәарҭеит Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валентин Ҭраԥшьи аҵара аҟәша анапхгаҩы Адамыр Ҳаразиеи ақалақьтә школқәа ахәыԥха аиҿкааразы ишазхиоу гәарҭеит. Ари Аԥсныи Урыстәылеи Аҵара аминистррақәа еицырзеиԥшу проектуп, ҷыдала алагарҭатә классқәа рҵаҩцәа рзы аус адулоуп. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыԥха аиҿкааразы иахәҭоу зегьы рыла еиқәдыршәеит — ҳаамҭазтәи атехникеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәеи инадыркны аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи рҟынӡа. Анапхгаҩцәа ашколқәа рдиректорцәеи дареи ирылацәажәеит ахәыҷқәа рыфатә анашьҭра аграфик, иҭышәынтәалоу амениу ашьақәыргылара. Апрограмма инагӡаны аусура иалагоит ашколқәа 66 рҿы. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 6 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 2 Oct 2026, 19:27 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 541 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.