Таџьикистан атәылауаҩ даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны 2026 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи рус аицурала дааныркылеит 35 шықәса зхыҵуа Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед Оиматов. Иара гәҩарас дрымоуп арадикалтә ислами атеррористтә усуреи ауаа ишрылаирҵәо ала. Азинхьчаратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла, ахаҵа Ареспубликаҿы дынхон 2019 шықәса раахыс. Иара атеррористтә гәыԥқәа дрыдҳәалазар алшон, асоциалтә ҳақәа рҿы аекстремисттә идеиақәа рыпропаганда инапы алакын ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Иаанкылаз Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭахь дрырҭеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа иҭагӡаны. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 7 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 2 Oct 2026, 14:24 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 131 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.