🎡Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аҳауа-хылаԥшра змоу 44 метра иҟоу алаԥшхгаратә барбал дыргылоит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы. Уажәы аспециалистцәа активла аус адырулоит ашәшьыратә мҩасырҭа аԥҵара. Агәаҭарақәа ирылахәын иара убас Башкорҭосҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә еизара ахантәаҩы Андреи Назарови ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавскии. Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит, ақалақь ахадара апроект анагӡаразы иадыԥхьалоу урыстәылатәи рколлегацәа ганрацәала ацхыраара шрырҭо. Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа араҟа ицәырҵуеит аобиект ҿыцқәа, ауааԥсыра реиԥш иаҭаауа асасцәагьы еиҳагьы иаргәырӷьоит аԥшаҳәа. Иааиуа акурорттә сезон азы аус аулоит 44 метра иҟоу алаԥшхгаратә барбал, акабинкақәа рҿы алашареи акондиционерқәеи аманы, — ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақь Ахада. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 7 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 1 Oct 2026, 16:36 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 154 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.