Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.6/day last 9 hours ago
Reactions per 1K views 8.0 ❤ 👍 🔥

🕊Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны жәлар зегьы рзы аҵак ду змоу Аҟәа ахақәиҭтәра Амш! 33 шықәса раԥхьа Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵареи агәаӷьреи ирыбзоураны ахы иақәиҭтәын 13 мзы инарзынаԥшуа ақәылаҩ импыҵахаланы имаз ижәытәӡоу, иссиру ҳаҳҭнықалақь - Аҟәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҿы ари акырӡа зҵазкуа рыцхәуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Владислав Арӡынба зхадараҟны дыҟаз ҳаибашьцәеи Арбџьар мчқәеи агәра ганы иҟан ҳақалақь гәакьа ахы ишақәиҭтәхоз. Аԥышәара ду ишҭагылазгьы, Аҟәа ахақәиҭтәразы илҵшәадаз ажәыларақәа аҭыԥ шрымазгьы, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьаҵрак ҟарымҵеит. Урҭ агәра ргон Аиааира шыргоз. Иахьа аҵак ду змоу ари амш аназгәаҳҭо, иаҳгәалаҳмаршәарц залшом ҳџьынџьдгьыл фырхаҵарыла изыхьчаз, Аԥсадгьыл аиааиреи ахақәиҭреи зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа. Урҭ ргәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхырхәоит, рфырхаҵара наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҟны инхоит. Иахьа Аҟәа аизҳазыӷьара амҩа иануп. Ҳара иаҳзеиԥшу хықәкны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп - ҳаҳҭнықалақь ҳаамҭа иақәшәо арԥшӡара, арҿиара, ара аԥсҭазааразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, бџьаршьҭыхла зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзызыхьчаз ҳаибашьцәа ишрықәнагоу еиԥш аиҿкаара. Иҟазааит ҳтәылаҟны наунагӡа аҭынчра, еизҳазыӷьалааит Аҟәа есышықәса. Ҳаҭыр зқәу аҟәаа, ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра. Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш! Ҽааныбзиала шәнеилааит! АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

05010015020027 Sep 07:4812 Nov 06:1817527 Sep 07:48: 0 views12 Nov 06:18: 175 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
27 Sep 2026, 07:480
12 Nov 2026, 06:18175

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.