Цәыббрамза 26 рзы Аҧсны аҵеицәа Аҟәа ахақәиҭтәразы излагаз ажәылара иацырҵон Мраҭашәарахьтәи афронт ала ижәылоз ҳаибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ралцара иалагеит Аҟәа аҳабла ҿыц аҟынтәи. Иагьрылшеит аҩажәатәи абжьаратә школ ахыбра аҟынӡа анеира. Уи аамҭазы, аҕа имчқәа еизакны а-15-тәи абжьаратә школ аҿы дтәан. Аха аҧсуаа абзарбзанқәа рыла ирылахысуа ианалага, рхырҕәҕәарҭа ааныжьны ибналеит. Уи аамҭазы Аҧсны атәылахьчара аминистрра егьырҭ архәҭақәа аихамҩа иавсны ақалақь агәахьы инаскьон. Цәыббрамза 26 рзы Мрагыларахьтәи афронт аҟны аибашьра ҕәҕәа цон. Ақырҭқәа изныкымкуа ажәыларақәа еиҿыркааит уи аҽны. Уаанӡа аҧсуаа рхырҕәҕәарҭақәа иреихсуан абзарбзанқәа рыла, Ҳаибашьцәа ахьыҟаз аҭыҧ ҩынтә азааигәахара рылшеит. Аха убас шакәызгьы, дара ирылымшеит амҩаду аҭарцәра. Аидысларақәа раан ақырҭқәа ркәылӡтәы техника ааха аҭан. Иҭархан хышә-ҩык инарыцны ампыҵахалҩцәа. Уи аҽны аҧсуа еибашьцәа рнапахьы иааргеит акәылӡтәы техникеи, иара убасгьы абџьари аџьаҧҳаныи маҷымкуа. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 9 hours ago
Reactions per 1K views
8.0
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 26 Sep 2026, 08:05 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 175 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.