⚡️Аԥсны идыргылоит астанциа маҷ ҿыц «Гьачрыԥшь-2» «Амшынеиқәафымцамч» ҳаамҭазтәи астанциа маҷ аргыларазы зымҽхак ҭбаау апроект нанагӡоит, уи ареспублика афымцасистема 50 МВт амчхара ацнаҵоит. ✅Аобиект ҿыц аҭыԥантәи аенергиа азымхара апроблема зынӡа ианаркуеит, асоциалтә обиект ҿыцқәа рзы арезерв аԥнаҵоит абонентцәа аҿымхкәа ажәытә станциа маҷ «Гьачрыԥшь-1» амаҵзура алнаршоит. Аргылара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба 2026 шықәсазы афымцасистема амодернизациазы идҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook