🕯Аибашьраҿы иӡрыжәу аиашьара. Цәыббра 28 рзы имҩаԥысуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз реиԥылара Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аламҭалазы ауаажәларратә еиҿкаара "Доброволец" аиԥылара мҩаԥнагоит. 📍Цәыббра 28 (ашәахьа), 12:00 сааҭ рзы. Аҟәа, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека (Лакоба имҩа, 111-тәи аҩны). Еиԥылараны иҟоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Уаԥстәылеи Приднестровиеи рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Ҟрымтәи ааԥын алахәылацәа, 2014 шықәса раахыс Донбасс иахысыз, иҷыдоу арратә операциа иалахәу аибашьцәа, иара убас, Донбасс ацхырааразы Иаку аштаб аволонтиорцәа. Аиҿкааҩцәа — Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказакцәа рырхәҭеи "Доброволец" захьӡу ауаажәларратә еиҿкаареи. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook