33 шықәса раҧхьа абри амш азы Аҧсны атәылахьчара аминистрра архәҭақәа ажәыларақәа ишырҿыц ирҿын ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы Цәыббра 23 1993 шықәса рзы мраҭашәарахьтәи афронт аибашьцәа рнапахьы иааргеит ажәафтәи абжьаратә школи, апартиа Аҟәатәи араионтә комитети рхыбрақәа. Иара убасгьы аҩбатәи аполиклиникеи, акондитертә фабрикеи агазтә аппаратурақәа рнаплаки, Аҟәатәи аимадара астанциеи. Анаҩс аҧсуа еибашьцәа рҽагәылархалеит Аҟәа ажәытә ҳабла. Иҭадырцәит азеиҧш нхарҭа. Уи аҽны ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьха. Мрагыларахьтәи афронт аҟны фнызқь ҩык рҿынӡа иҟаз Қырҭтәыла архәҭақәа аиха-кәылӡтәы техникеи, абзарбзанқәеи рыманы рҽазыршәеит Очамчыра аганахь ала Аҟәаҟа адәықәлара. Дара ирҿагылеит аҧсуаа. Аибашьра ҕәҕәа цон Тамшь, Ануаа рхәы, Кындыҕ. Аха ақырҭқәа ирылымшеит аҧсуаа мрагыларахьтәи афронт аҟны рхырҕәҕәарҭақәа ргара. Урҭ рыхьчон Аҧсны атәылахьчара аминистра аруаа. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+10 24h
Reach per post (ERR)
9.3%137 avg views
Posting
13.8/day
last 46 minutes ago
Reactions per 1K views
7.7
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 23 Sep 2026, 07:05 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 376 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.