🕊️Мышқәак раԥхьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба гәыԥҩык аветеранцәа данырԥылоз аибашьцәа Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы азҵаара шьҭырхит 🕯️Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахыуп ҳәа ишиԥхьаӡо, убри аан иазгәеиҭеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. 🇷🇺Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа. Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри азын ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп, — иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+10 24h
Reach per post (ERR)
9.3%137 avg views
Posting
13.8/day
last 44 minutes ago
Reactions per 1K views
7.7
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 22 Sep 2026, 10:22 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 117 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.