33 шықәса раҧхьа абри амш аҽны аҧсуа еибашьцәа ажәыларақәа ирҿын ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә Аҧсны ахы ақәиҭтәразы Цәыббра 22 1993 шықәса рҽны Аҧсны мрагыларахьтәи афронт архәҭақәа Аҟәеи Очамчыреи еимаздоз амҩаду ахәҭа дук ахы иақәиҭтәны инаӡеит Кындыҕ ҿыц ақыҭа аҟынӡа. Убри анаҩсгьы Очамчыра араион аибашьцәа имҩаҧыргаз ажәыларақәа ирыбзоураны Бабышьратәи аҳаиртә баҕәаза еихсыртә еиҧш аҭагылазаашьа роуит. Уи акыр ихадан Қарҭаа Аҧсныҟа еибашьра иааргоз аҳаирпланқәа ртәара аҧырхагахара аус аҟны. Арҭ ажәыларақәа ҳәарада аҧсҭбарақәа рыцын аҧсуаа рганахь ала. Цәыббра 22 рҽны мраҭашәарахьтәи афронт аибашьцәа ирылшеит ареспубликатә хәышәтәырҭеи, ахшараиурҭеи рхыбрақәа ампыҵахалҩцәа рҟнытә рҭарцәра. Аҧсны атәылахьчара аминистрра архәҭақәа Ачадаратәи аихамҩа аҟнытә ажәылара иалагеит аҳабла ҿыц ахы ақәиҭтәразы. Дара ирылшеит аҩнеихагылақәа рҟынӡа анеира. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+10 24h
Reach per post (ERR)
9.3%137 avg views
Posting
13.8/day
last 49 minutes ago
Reactions per 1K views
7.7
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 22 Sep 2026, 06:30 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 153 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.