Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +10 24h
Reach per post (ERR) 9.3%137 avg views
Posting 13.9/day last 31 minutes ago
Reactions per 1K views 7.7 ❤ 👍 🔥

⚡️Алашара еиԥҟьарада: Астанциа маҷ "Алаҳаӡы" аиҭашьақәыргыла актәи ахәҭа хыркәшоуп Гагра араион аҿы мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа актәи ахәҭа хдыркәшеит. Уажәшьҭа ауааԥсыреи атуристцәеи аӡынгьы иҭышәынтәалоу афымцалашара роуеит. 🔌Хықәкыла иҟаҵоуп: 🔺+40 МВт: зымчхара ӷәӷәоу атрансформатор ҿыц ықәдыргылеит Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак ашьҭахь агенерациа амчхара 20 МВт➡️80 МВт рҟынӡа ихалоит 🔺Иргылоуп акапиталтә хыбрақәа (ЗРУ/ОПУ) 🔺Инагоуп ҳаамҭазтәи 10 кВ иҟоу ҩ-даҷктәи ацәаҳәа Аобиект уажәтәи ақәыӷәӷәара 60% рҟынӡа инаӡоит, 40% аобиект ҿыцқәа раҿакразы узықәгәыӷша резервк аҳасабала иаанхоит. Аҩбатәи аетап аан ари аиқәҳәаларҭаҿы аенергодефицит азҵаара аҵыхәтәанынӡа иаҳаркуеит,— ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал. Ари аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Апарламент ахь инашьҭымҭаҿы дызлацәажәоз аҳақәа рырҿыцразы апрограмма ду иахәҭакуп. Аԥсны афымцалашара асистема шьаҿа-шьаҿала ҳаамҭа иақәшәо иҟалоит. АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

05010015021 Sep 11:2412 Nov 06:1811621 Sep 11:24: 0 views12 Nov 06:18: 116 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
21 Sep 2026, 11:240
12 Nov 2026, 06:18116

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.