33 шықәса раҧхьа уажәааны Аҧсны атәылахьчара аминистрра архәҭақәа ажәыларақәа ирыцырҵон ҳтәыла ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ралцаразы 1993 шықәса цәыббра 19 аҽны мрагыларахьтәи мраҭашәарахьтәи афронтқәа реибашьцәа хымш раҧхьа излагаз ажәыларақәа цон. Афронт Гәымсҭатәи ахырхарҭала ҳаруаа ирылшеит Аҟәа араион Ачадара ақыҭа абжеиҳарак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ралцара. Ақәҿиарақәа аадырҧшуан мрагыларахьтәи афронт аибашьцәагьы. Цәыббра 19 аҽны Шәача имҩаҧысыз Еидҵоу акомиссиа аилатәараҿы ирыӡбеит ахысрақәа раанкылара аҭахуп ҳәа, Аҧсны иалгатәуп Қырҭтәыла архәҭақәа зегьы, убри анаҩс, Урыстәыла абжьаҟазаратә мчқәа ареспублика иалагаланы Аҧсны азакәантә мчрақәа Аҟәаҟа ирхынҳәтәуп ҳәа. Аха ари ақәҵара ақьаад аҟны иаанхеит,ақырҭқәа аҿагылеит. Уи ашьҭахь аҧсуаа ихацдыркхьаз аиааиратә жәылара иацырҵон. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+10 24h
Reach per post (ERR)
9.3%137 avg views
Posting
13.9/day
last 44 minutes ago
Reactions per 1K views
7.7
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 19 Sep 2026, 08:05 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 147 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.