АПСНЫПРЕСС

@apsnypress · news · Russian · active

Subscribers 7.4K Subscribers, last 30 days: 7.4K → 7.4K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.8%729 avg views
Posting 13.4/day last 3 hours ago
Reactions per 1K views 3.6 ❤ 👍 👎
edited

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа амш рыдиныҳәалеит уи иаланхо ауааԥсыра. Аныҳәа иазкны имҩаԥгаз аилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба. Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа ауааԥсыра! Ишәыдысныҳәалоит шәықалақь Амш! Ари аныҳәамш азгәаҭара иаԥсаны, иаҭахны иҳадаҳкылаз ӡбамҭоуп. Гәдоуҭа аҭоурыхла ибеиоу, хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа ныҟәызго қалақьуп. Урҭ ҳара имырӡкәа иааиуа абиԥарақәа ирызнаҳгароуп. Гәдоуҭа ақалақь акрызҵазкуа Аԥсны ақалақьқәа ируакуп. Ара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа инхон-инҵуан ҳабацәа, урҭ рабацәа. Дара иаԥырҵаз аҭынха ду иахьа ҳара гәадурала иеиқәырханы иааҳгоит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны. Аԥсны Ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иара аҳҭнықалақьра ныҟәнагеит ҳҳәар алшоит. Ароуп жәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба идгылаз иҩызцәагьы иаргьы аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы аҭоурыхтә ҵакы змаз аӡбамҭақәа ахьрыдыркылоз. Иахьатәи аныҳәа аҽны ҳаҭырла иаҳгәаларшәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз гәдоуҭаа рҵеицәа. Урҭ рфырхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ианызаауеит наунагӡа. Гәдоуҭа иахьа аҽеиҭанакуеит. Ахаҿра аҽаԥсахит, амшын аԥшаҳәа аҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳҭахуп арҭ ар́ҿыцрақәа ауаа рыԥсҭазаарагьы ианыԥшларц. Ақалақь амалқәа зегьы ирмалуп уи иқәынхо ауааԥсыра, зҭоурых еиқәырханы иаазго, зықалақь бзиа избо, уи арԥшӡара иацхраауа. Аԥхьаҟагьы Гәдоуҭа ақалақь аԥеиԥш знапы иану шәара шәоуп, акыр иаԥсоу гәдоуҭаа. Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, агәабзиара, анасыԥ. Иҿиалааит, хьӡи-ԥшеи агымзааит аринахысгьы Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа! Ҽааныбзиала шәнеилааит зегьы!» Апсныпресс| Instagram Facebook | Дзен ⚠️

Views over time

02004006008007 Sep 16:4611 Nov 01:446377 Sep 16:46: 0 views11 Nov 01:44: 637 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
7 Sep 2026, 16:460
11 Nov 2026, 01:44637

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.